Авикипедиа abwiki https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0 MediaWiki 1.43.0-wmf.27 first-letter Амедиа Цастәи Ахцәажәара Алахәыла Алахәыла ахцәажәара Авикипедиа Авикипедиа ахцәажәара Афаил Афаил ахцәажәара Амедиавики Амедиавики ахцәажәара Ашаблон Ашаблон ахцәажәара Ацхыраара Ацхыраара ахцәажәара Акатегориа Акатегориа ахцәажәара TimedText TimedText talk Амодуль Амодуль ахцәажәара Аҳкәажәду Гәырандыхәт 0 42972 148221 147683 2024-10-22T18:39:33Z Austin.gochua 21460 Ус акгьы. 148221 wikitext text/x-wiki {{Акарточка аполитик|ахьӡ=Аҳкәажәду Гәырандыхәт|даҽа ахьӡ=Қарҭли аҳкәажәду|афото=Queen Gurandukht. A sketch of carved relief from Kumurdo Cathedral, Georgia.jpg|амаҵура=Қарҭли аҳкәажәду|инаркны=[[975]]|рҟынӡа=[[982]]|ацаҳ=Гәыргьен Қырҭтәи|амаҵура2=[[Аԥсуа Аҳраду |Аԥсуа аҳраду арегент]]|инаркны2=[[975]]|рҟынӡа2=[[978]]|абираҟ2=Flag of Abasgeti.svg|аира арыцхә=?|аира аҭыԥ=[[Қәҭешь]], [[Аԥсуа аҳра |Аԥсуа аҳраду]]|аԥсра арыцхә=[[1000]]|аԥсыжра аҭыԥ=[[Бедиатәи аберҭыԥ |Агәы-Бедиатәи аныхабааш]]|аԥсра аҭыԥ=[[Аԥсуа аҳра |Аԥсуа аҳраду]]|ани аби=[[Гьаргь II |аԥсҳа Гьаргь II]] аҳкәажәду Елена|ахаҵа=Гәыргьен Қырҭтәи|ахәыҷқәа=[[Баграт III (Қырҭтәыла) |Баграт II]]|ауацәа=|аусура=|аԥхьа иҟаз=[[Леуан III]]}}'''Аҳкәажәду Гәырандыхәт —''' Қарҭли аҳмада (аҳкәажәду) (975-986), Аԥсуа аҳраду арегент (975-978). == Аԥсҭазаара == Аҳкәажәду Гәырандыхәт '''—''' диит [[Гьаргь II|аԥсҳа Гьаргьи II]] иԥшәмаԥҳәыси аҳкәажәдуи Еленеи рҭаацәараҿы. Гәырандыхәт диит арацәа ҭаацәараҿы, 4-ҩык иашьцәеи 2-ҩык иаҳәшьцәеи лыман. Урҭ рахьтә лашьцәа хҩык ([[Леуан III]], [[Дырмит III]], [[Феодоси III]]) Аԥсҳара рылшеит. 929 ш. лаб Гьаргь II иԥеиҳабы, ақәгылара ҟазҵаз аҳиԥа Константин дишьит. 957 шықәсазы лаб Гьаргь II иҭахын Кахеҭ дақәларц. Аха ичымазара иахҟьаны, ар напхгара рзиуан иҷкәын, Қарҭли аҳма-да, аҳиԥа Леуан. Кахеҭ даннеи, Леуан еиликааит ажәабжь лахьеиқәҵага, иаб «Аԥсҳа Дуӡӡеи Анцәабзиабаҩи» [[Гьаргь II|Гьаргь]] дышԥсыз. Кахеҭ аҳ Ҳорепископ Квирке II иареи аиқәшаҳаҭра рыбжь-арҵарц акәын, ашьҭахь иаарласны Аԥсныҟа дхынҳәит. Аԥсны данааи, аҳра ауразы агәыргьын-хаҵара мҩаԥиргеит, Аԥсҳа Леуан III иакәны дҟалеит. 959 шықәсазы Гәырандыхәт ԥҳәысс дигоит Таик ампыҵакҩы-Гәыргьен Багратион. 960 шықә-сазы диит лԥа – [[Баграт III (Қырҭтәыла)|аҳиԥа Баграт]]. Лашьа Леуан ихаан, Гәырандыхәт Џьавахеҭ ампыҵахалараҿы амаҵ луан, ари атәылаҿацә аҿы Звиад Марушис-ӡе аҳмадас иҟаҵараҿы лхы алалырхәит, уи иҭынха гәакьа Иуан Марушьиани ԥыҭрак ашьҭахь лԥа [[Баграт III (Қырҭтәыла)|аҳиԥа Баграт]] иалагалара дашьҭан амчрахь. 967 шықәсазы лашьа, Аԥсҳа Леуан иԥсҭазаара далҵоит. Аԥсҳас дҟалоит лашьа – Дырмит III. 968 ш. Дырмит ихьыԥшцәа адҵа риҭоит, иашьа еиҵбы – Феодоси дыркырц. Феодоси, Гегәыҭҟа, Аԥсҳа иахь данаарга, Дырмит иԥсҳара ашәарҭадеитәарц азы, адҵа риҭеит, иашьа еиҵбы Феодоси иблақәа ҭырблаарц. Аԥсуа аамсҭара ари даара иргәамԥхеит. 7-шықәса рышьҭахь, хшара имамкәа дыԥсит Дырмит. Аԥсҳас дҟалоит Феодоси III Чала. 975 шықәсазы Қарҭли аԥшәмацәа, ишаԥу еиԥш, дырҩегьых аичарчаҩрақәа рыҟаҵара иалагеит, уимоу, Уԥлис-Цыхь, аԥсҳацәа раҳҭынра, иақәлеит. Ари абааш акәша-мыкәша иҟаз атәылақәа рыбжьара еицырдыруан, даараӡа иахьчоз, уаҩы дызҭамлоз ҳәа. Аха агьангьашцәа ақырҭцәа Накурдеви Сабоҭари рҟынтәи қахцәа раамсҭашәара ԥыҭҩык ачарҳәарахь ргәазҭарҵеит, Уԥлис-Цыхь ақәгылаҩцәа ирырҭеит, убри аамҭазгьы рыдгьылқәа рҟынтәи арратә агәыԥ ааӡеит. Абри ацәгьаршра иахҟьаны, Қарҭли Аҳәынҭқарԥҳәыси Гәырандыхәти, уи лхаҵа Гәыргени, урҭ рыҷкәын – аҳиԥеи Баграти итҟәаны Кахеҭҟа иахыргеит. Уԥлис-Цыхь иҟалаз ақәгылара атәы Амагистр Дауҭ адырра шрырҭазҵәҟьа, иаразнак ируаа зегьы еизганы, аҩадатәи ахырхарҭахь иҿынеихеит. Аҳәынҭқар Самцхе днеины, Триалеҭи иҭыԥ иқәиргылеит, Кахеҭ ақәлара иҽазыҟаиҵон, ақарҭцәеи каҳақәеи иаразнак рмиџьлисуаа Дауҭ иахь идәықәырҵеит аиқәшаҳаҭразы. Қарҭли аҳәынҭқарԥҳәыси Гәырандыхәти, уи лхаҵа Гәыргени, урҭ рыҷкәын аҳиԥа Баграти иоушьҭны, Уԥлис-Цыхьеи, Қарҭли ахаҭагьы рырхынҳәразы ажәа ирҭеит. Иара убри аамҭазгьы Кахеҭ ашәарҭадаразы акыр зҵазкуаз Қсани аиҩхааҿы иҟаз Ҵыркәалеи Груи абаахырӷәӷәарҭақәа аҩбагьы аҿагылаҩцәа рышьҭахьҟа иаанрыжьит. == Гәырандыхәт лрегентра. == [[Афаил:1642861393 8-vsegda-pomnim-com-p-bediiskii-sobor-foto-9.jpg|мини|''[[Бедиатәи аберҭыԥ|Агәы-Бедиатәи аныхабааш]], 10 ашә. аргыламҭа.'']] Феодоси имчымхара збоз аԥсуа аамсҭашәара, Гәырандыхәти дареи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит, лыҷкәын, аҳиԥа, жәохә шықәса зхыҵуаз Баграт, Феодоси дицҳәынҭқархарц азы. Гәырандыхәт уи дақәшаҳаҭхоит, избанзар илдыруан Баграт иқәранамӡареи, лашьа Феодоси имчымхареи ирыхҟьаны, лара Аҳәынҭқарра арегент иаҳасабала Аԥсуа Аҳра напхгара шалҭо. Лара лрегентраан қәгыларак ҟамлаӡеит, еибашьрак ҟамлаӡеит. Аамысҭашщара ари даара иргәаԥхон. Хышықәса, 975 инаркны 978 рҟынӡа, Гәырандыхәт Аԥсуа Аҳра напхгара азылуан регент иаҳасабла. == Лԥа Баграт иԥсҳара. == Баграти Аԥснытәи иабшьа лашәи реицаҳра ашьҭахь, имҩаԥысит агәыргьынахаҵаратә ныҳәа. Ари ҟалеит 978 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Қәҭешь аҟны, мамзаргьы еиҳа ииашаны иуҳәозар, аҳтә қыҭа Гегәыҭ аҟны. «Баграт инаркны, иалагеит Багратидцәа Раҳра аура Аԥсны аҟны». Егьырҭ Аԥсҳатә ҭаацәара аҳра руан 199 шықәса." Аԥсуа уаажәларра, еибашьуаз аганқәа рыцәгьаршрақәеи рыгәымбылџьбарарақәеи ргәы ԥнажәахьан, Баграт II дырҭахын, избанзар икандидатура дара рзыҳәан еиҳа иманшәалын. Феодоси иҳәынҭқарратә мчра анҵәамҭазы, Баграт II иабшьа иахь Таикҟа дишьҭоит, абс иҟарҵаз, Амагистр Дауҭ ихылаԥшра аҵаҟа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аҳ иӡбеит ақарҭцәа рҳәатәхамҵара аҵыхәтәа аԥҵара, урҭ рхатә ԥҟарақәа рыла инхон, аҳәынҭқарԥҳәыс Гәырандыхәт лҳәатәы иамӡырҩуа уҳәар алшоит. Аԥсҳа ари аҭагылазаашьа ибзианы идыруан. Баграт II Қарҭли далалеит, уи Ҭыгәа аҭыԥаҿы даанкылеит. Аԥсҳа хырԥашьа змам иаара рҽазыҟарҵо, Қарҭли аамсҭашәара напхгаҩыс далырхит - аамсҭа Ҟавҭар Ҵбели, иагьаҿагыларц рыӡбеит. Аӡиас Могриси ааигәара рымчқәа еизганы аибашьра рҽазыҟарҵеит. Аԥсҳа Баграт ирр ҿааиҭит, иеибашьцәа аӷа иҿалеит, аибашьрагьы иалагеит. Дук мырҵыкәа ақырҭцәа ҵысит, ибналеит. Аԥсуаа, аӷа данишьҭалаз, ирацәаҩны иҭахеит, ԥыҭ-ҩык итҟәаны иргеит. Аҩныҵҟатәи Қарҭли аамсҭашәара рҿаԥхьа аиааира ганы, Баграт Уԥлис-Цыхьынӡ днаӡеит, мышқәак уа дыҟан. Ахара зду, рыгәрагара иақәымшәоз иқәицеит, урҭ рҭыԥан ишьақәиргылеит зыҽзырҵабыргуаз, иҟәышыз ахылаԥшыҩцәеи зыгәра угартә иҟаз аҳҭынрауааи. [[Афаил:Аԥсҳа Баграт II.png|мини|Аҳкәажәду Гәырандыхәт лԥа ― [[Баграт III (Қырҭтәыла)|Аԥсҳа Баграт II]]|слева]] === Гәырандыхәт лполитикатә хҵәара. === Уи аамҭа иалагӡаны Баграти Гәырандыхәти еицәҳаит. Реимак мацара акәымкәа, иҟалап, ацәгьаршра аҽазыҟаҵараҿы гәҩарас иҟаиҵахьазҭгьы, уимоу, ицәыригазҭгьы. Ус анакәха, аҳкәажә Уԥлис-Цыхьынтә Қәҭеҭшьҟа лыхынҳәра амчра лымхра, ашьауӷа, ажәакала, аполитикатә хҵәара акәзар алшон. Баграт Гәырандыхәт диԥхьагыланы Уԥлис-Цыхьтәи абаа дынҭганы, Лыхтәи ахыҵырҭа днықәсны, Аԥсны аҳҭнықалақь ахықәан иҟаз Гегәыҭтәи иаҳҭынраҿы днаӡеит. Аха Аԥсҳа иан Гегәыҭ даанмыжькәа, харатәи атәылаҿацә ахь (Бедиа) дишьҭит. == Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа == Бедиатәи атәылаҿацә аҿы лара ауахәама аргылашьа дацклаԥшуан. Гәырандыхәт 988-999 шш. раан ахҵәара дыҟан. 999 шықәсазы Гәырандыхәт лԥеи лареи еинаалаеит, уи азы Бедиатәи аныхабаа Ахьтәы асандыҟәра ҳамҭас иарҭеит. 1002 шықәсанӡа Аҳкәажә Гәырандыхәт лыԥсҭазаара далҵит, дамадоуп Бедиатәи Аныхабаа аҩныҵҟа. {{Авторитет змоу адыррақәа}} {{DEFAULTSORT:Гәырандыхәт}} [[Акатегориа:10-тәи ашәышықәсазы ииз]] [[Акатегориа:1000 шықәсазы иԥсыз]] [[Акатегориа:Аԥснытәи аҳкәажәцәа]] [[Акатегориа:Қырҭтәылaтәи аҳкәажәцәа]] [[Акатегориа:10-тәи ашәышықәсазы аҳәса]] r09y196o5opvsgqjhbnv23bcsep8jg2 Саӡны 0 43165 148215 148199 2024-10-22T12:09:26Z Austin.gochua 21460 Ус акгьы 148215 wikitext text/x-wiki {{Акарточка арегион |астатус=Атәылаҿацә-аҳра |ахьӡ=Саӡны |аҳҭнықалақь=[[Гагра]], Арыҭқыҭа |атәыла= |ашьақәгылара=[[16-тәи ашәышықәса]] |аофициалтә бызшәа= |абызшәақәа=[[Аԥсуа бызшәа]],(асаӡуа диалект), [[азыхә бызшәа]] |ауааԥсыра рхыԥхьаӡара=21 нызқьҩы }}'''Саӡны''', ма '''Саӡтәыла''' – Аԥсуа аҳра иахәҭаку тәылаҿацәуп. == Аҭоурых == === Аԥсуа аҳраду ахәҭа === Саӡны [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсны]] иатәылаҿацәуп. Ари адгьыл ажәытәын Санигиа ҳәа иахьӡын, ақырҭуа ашықәсҩырақәа рҿы – Џьыгеҭи. [[Аԥсуа Аҳраду|Аԥсуа аҳраду]] аамҭазы Саӡны Аԥсны иахәҭакын. Уа анырра ду рыман аҭауадшьҭра Алоу. Иара убасгьы Алоуаа [[Аԥсуа Аҳраду|Аԥсуа аҳраду]] аԥсҳацәа ракәын. XIV-XV-тәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз Генуаиатәи ахсаалақәа рҿы «Аԥсны» ҳәа изышьҭоу абаӷәаза Ԥсоу аӡиас ахықәаҿы, иахьатәи Адлер аҵакырадгьылаҿы иарбоуп. Агыруа аҳцәа [[Адиан|Адианаа]] зныкымкәа араҟа ақәҿиара змаз ақәыларақәа мҩаԥыргахьан, уи азы шаҳаҭра руеит ақырҭуа ашықәснҵырақәеи аныхачаԥақәа рҿы иану аҩырақәеи. Агырцәа рқәыларақәа раан ауааԥсыра рарҳәра амацара акәымкәа, ауахәамақәагьы дырбгон, аныхачаԥақәеи амрамартә хаҳәқәеи ауахәама иадчаԥаланы иааиз иамхны, ртәылаҟа иргон. Убас, Арыҭқыҭатәи аԥсуа аныхабааш иадчаԥаланы иааз, аџьарқәа зныз амрамартә хаҳә аашьҭыхны, Хобитәи агыруа ауахәама адәахьтәи аҭӡамц иадырҵеит. Уи иахьагьы уа иадчаԥалоуп. Аԥсуаа, хымԥада, ауал рықәны иаанымхеит. Аԥсны археологцәа ирыԥшааз ақырҭуа нҵамҭақәа зныз ауахәаматә хаҳәқәа жәпакы аԥсуаа ршьоуратә қәыларақәа раан иргеит, урҭ аҷанҳәаҭҳатә хылҵшьҭра рымоуп. Ари аамҭа иалагӡаны асаӡқәа [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсны]] ахаҭагьы, [[Гыртәыла аҳра|Гыртәылеи]], Гәыриеи, Имереҭи рыдгьылқәа рҿы имҩаԥысуаз еиуеиԥшым арратә қәыларақәа, аԥсуа ар ахәҭак раҳасабала, зныкымкәа ирылахәын. Уи иаҵанакуан амшынтә қәыларақәагьы, еиҳаракгьы XVII ашәышықәса аҩбатәи азбжа ашьҭахь аԥсуаа лассы-лассы имҩаԥыргоз, уи иадҳәаланы ақырҭуа ҭоурыхҩҩы аҳиԥа Вахушҭи иазгәеиҭоит аԥсуаа амшынныҟәараҿы амч ду шрымаз. 1533 ашықәс азы Саӡны аҿы агырцәа ӷәӷәала иаҵахеит. Зегь реиҳа ихьшәашәаз аӡынразы, ажьырныҳәамза 30 аҽны Аԥсны агаҿахь иӡхыҵит. Аԥсуаа ргәы иаанагомызт аӡын азы аӷа дақәлоит ҳәа, насгьы амшын аганахьала, уимоу, хыԥхьаӡара рацәала. Агыруа аҳ Адиан, Гәыриа анапхгаҩи дидгыланы, зықәра наӡахьоу иԥацәа иманы, инапаҵаҟа иҟаз аҭауадцәеи аамсҭацәеи, аԥапапцәеи аҷҟәандарцәеи иманы, Иасхрыԥшь иӡхыҵит. Аибашьра раԥхьатәи амш ақәылаҩцәа рзы иманшәалан. Аха аҩбатәи амш аҽны, ахәаша азы, аԥсуаа аибашьра амҩа аадырҳәит. Уи иахҟьаны, Гыртәыла аҳ Мамиа Адиан ахьҭаҿы деилыхны аҳәала дыршьит, ихьыԥшцәа рҿаԥхьа. Агәыр (Гуриели ԥсышәала) иашьцәа ахҩыки иареи рымаҭәақәа ршәырхын, иԥҟаны иршьит. Убасҵәҟьа ирыхьит ари ақәылара зықәныҳәаз аҷҟәандарцәеи. Аибашьцәа рыр аҵахеит, еиҳаракгьы ықәххеит. Аԥсуа-Имереҭтәи ауахәама аиҳабы Акалҭакос Малакиа аибашьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы днеит, «ԥсы зхоу еиқәирхеит, иԥсыз ԥарала иҿихит» ҳәа аҳәоит ақырҭуа ашықәснҵыра. Аԥсны аполитикатә центр амраҭашәарахьтәи, Саӡтәылатәи ахәҭахьы ишиасыз азы шьақәырӷәӷәара ари заҵәык акәӡам зыӡбахә ҳамоу ахҭыс. Машәыршақә акәӡам Гагра-Шәача асеқтор аҿы аԥсуа-агыртәи аибашьрақәа рышьҭагыла зегьы ахьымҩаԥысуа. Избан акәзар, абраҟа иҟан аҳ инхарҭа хада, атәыла абаӷәаза хада – “Аԥсны”. XV-XVIII-тәи ашәышықәсақәа рзы Саӡны заҵәык акәымкәа, политикалагьы Аԥсны иазхаҵаз хәҭаны иҟан. Ахәҭакахьала, ақырҭуа ашықәснҵыраҿы уи атәы аҳәоуп, Аԥсны аҳцәа, аԥсуааи асаӡқәеи аҳцәа ҳәа; аԥсуа ар, аԥсуа-асаӡтәи ар ҳәа ирышьҭан. 1780 азбжазы, Хәасҭа (Ҳамышь) азааигәара, Аԥсуа аҳра аҳ Зураб Чачба ара ашәарыцара аан дҭахеит, хымԥада, иара инапаҵаҟа иҟаз аҵакырадгьылаҿы. Ажәеизатәи ашәышықәсазы Вахушҭи Багратион ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩ, ажәытәтәии аҵыхәтәантәии ашықәсҩҩқәа иҟарҵаз ашьақәырӷәӷәарақәа реихшьаала ҟаҵо, иазгәеиҭеит, Саӡны «зегь рыла аԥсуа ҳәынҭқарроуп» ҳәа. 1806 шықәсазы аҭырқәа-аԥсуа акризис аан, асаӡқәеи, мдамҩааи, ашәыуааи, аублааи злахәыз Аԥсныду ар еидкыланы ҩажәи хәба нызқьҩык рыла аҳ Қьалышь-беи Чачба ибираҟ аҵаҟа иаҵагылеит. Ҭырқәтәыла, ҷыдала Урыстәыла Кавказ имҩаԥыргоз арратә усмҩаԥгатәқәа XIX ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны аҳтә мчра ԥсыҽхеит. Аха абри аамҭазы Саӡныи уи аҭауадцәеи аполитикатә центр ахь рхы дырхеит, аха ахаҭа апровинциаҿы ирымаз анырра амырԥсыҽырц азы рҽазыршәон. Азеижәтәи ашәышықәса актәи азыбжазы Аԥсны аҳәынҭқар Манча (Сулеиман-беи ҳәагьы ихьӡуп) Чачба аҳкәажә Есма-ҳаным Арыҭԥҳа ԥҳәысс диман. Аԥсны аҳ Қьалышь-беи (1747-1808) лԥа иакәын. Қьалышь-беи имаҭа, аҳ Михаилгьы раԥхьаӡа акәны 1829 ашықәс азы, Арыҭқыҭатәи аҭауад Беслангәыр Арыҭба иԥҳа аҳкәажә Акаиа ԥҳәысс дигеит. 1808 ашықәс азы ацәгьаршра иахҟьаны Аԥсны аҳ Қьалышь-беи Чачба дҭахеит. Ҩышықәса атәыла дахагылан аҳ Аслан-беи, абшьҩы ҳәа ахьымӡӷа (иашамкәан) изгаз. 1810 ашықәс азы аурыс еибашьцәа Аҟәантә дҭырцеит Аслан-беи, насгьы Гьаргь аҳс дҟарҵеит. Аҵыхәтәантәи иаб иганахьала Аслан-беи иашьа иакәын. Аслан-беи атәыла анапхгара данамырх, Саӡныҟа, аҭауадцәа Самахәаа иааӡаҩцәа рахь дцеит. Иара иаҳҭынра игылан Кәыдеԥсҭа аӡиас ахықәан, Самҳәрԥшь ақыҭан. Абрантәи Аслан-беи лассы-лассы Аԥсны аҩныҵҟа ақәыларақәа мҩаԥигон, атәылаҿы имчра аиҭашьақәыргылара иҭахын. Убас, 1821 ашықәс азы ҩаԥхьа иқәгылан, Ԥсҳәы, Ахҷыԥсоу, Аибӷа, иара убас агатәи асаӡуа рыла еидызкылаз аҽыбӷаҟазацәа рҟәыра, раԥхьа дгыланы абираҟқәа иманы, Аслан Аҟәа далалеит. Хышықәса рышьҭахь игәҭакы наимыгӡакәа Ҭырқәтәылаҟа ддәықәлеит. 1830 ашықәсазы аҳ Михаил аурысцәа Шәача ақыҭа аанкылараҿы дрыцхрааит, насгьы абаагәара иргылеит, уи аамҭазы Навагински ҳәа иашьҭан. 1841 ашықәс азы аублаа рыдгьылқәа рҿы ақәыларақәа ахьымҩаԥигоз, асаӡқәа рнапаҿы рызнагара азы Михаил Чачба ианашьоуп Анна Аԥшьа лыорден актәи аҩаӡара змоу. Саӡны хазы административтә хәҭаны еихшан. Уи раԥхьатәи априставс (аӡбарҭа ахада) дыҟан аҳ иашьа - Алықьсандр, дук мырҵыкәа уи иҭыԥан дҟалеит Салуман Ажәанба, аурыс афицар, хылҵшьҭрала аԥсуа аамсҭа. Анаҩс Саӡтәи априставра Аԥсуа аҳра иадҵан. Ари аамҭа азы аублаа ҭауади-аамсҭеи Аԥсны аҳцәа рыҩнаҭа, анырра ду змаз аамсҭара рааигәара аҟазаара иашьҭан. Урҭ убраҟа изыргәаҟуаз асаӡуа аҭауадцәеи дареи, еиҳарак Шәача аԥшәмацәеи дареи ирыбжьаз аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ракәын. Насгьы Аԥсны аҳцәа рхылаԥшра араҟа ихәарҭахеит. Абасала, аублаа раԥхьагылаҩ Ҳаџьы Исмаил Адагәуа-иԥа Барзагь, Аԥсны ԥхьаҟатәи аҳ Михаил Чачба иааӡаразы азин иоуит. Абри аублаа раԥхьагылаҩ ихаҭыԥан иҟаз иашьеиԥа Ҳаџьы Кьарантыхә Барзагь диааӡеит анырра ду змаз аԥсуа ҭауад Нарчоу Инал-иԥа иԥа, аҭауад қәыԥш Росҭом. Убри аамҭазгьы Кьарантыхә аԥсуа аам ста Ҟамлаҭ Амаан иԥҳа ԥҳәысс дигеит. Алықьсандр Чачба иԥа Гьачрыԥшь ақыҭан (иахьатәи Веселое) асаӡуа аҭауад Рашьыҭ Гьачба иҩнаҭа дааӡеит. Кавказтәи аибашьра нҵәеит 1864 шықәсазы лаҵарамза 21 аҽны, ииашаҵәҟьаны Гәыбаадәы ақыҭаҿ. Аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы иаҳԥылоит аҵыхәтәантәи аибашьраан аҭыԥантәи ауааԥсыра рцәыӡ дуқәа. == Асаӡтәылатәи аамсҭара == Саӡны инхон аҭауадшьҭрақәа: Ҳамышь, Арынба, Арыҭба, Аублаа, Цанба, Гьачба, Чуа, Амаршьан (); аамсҭацәа: Ашьхацаа, Баӷа, Кьынца, Амаан, Мқьалба, Анчок, Кәыџьба, Шьыкәым, Ҵәышба, Аиқәа, Цышба, Лахәуа, Арымба, Озган, Қаԥшь, Ҵәыџьба, Цыхәба, Цыба, Данарчау, Саӡба, Самахәа. Аԥсуа-асаӡуа рхылҵшьҭрақәа иахьа инхоит Баҭым. Урҭ иреиуоуп асаӡуа ажәлақәа Цанба, Кәыдба, Ачыгәба, Агрба, Ҷызмаа. Ҭырқәтәылатәи Хәасҭа (Ҳамышь) аҟынтәи иааз ақыҭа шьақәдыргылеит, уи уа Ҳамышь ҳәа иашьҭан, Мцаԥсҭатәи аамсҭацәа Чуа - уи инақәыршәаны, ақыҭа Чуа рқыҭа. Аҩарданааи, Багааи, Арыҭааи инхоит Гебешь ақыҭан. Шәачатәи аҭауадцәа Сача (Шьашаа) рхылҵшьҭрақәа нхоит ақыҭақәа Хамышьи Цхьынареи. Асаӡуа ыҟоуп Шьамтәылеи Иорданиеи. Аамсҭара иаҵанакуа Гьачба, Амаршьан, Кәыџьба, Чуа рыхьӡқәа ара еицырдыруеит. == Аҵакырадгьыл == Саӡны ҳәа иашьҭан Бзыԥ аӡиас мраҭашәарахьтәи аҵакырадгьыл, лассы-лассы иахьатәи Гагра амраҭашәарахьтәи аганахь ала. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы еиуеиԥшым авторцәа уи мраҭашәаратәи аҳәаа Ҳамышь аӡиас иаваршәны, еиҳарак Мамаика аӡиас иаваршәны иалырхуан. Ииашаҵәҟьаны, Шәачатәи аҭыԥ мраҭашәаратәи аҳәаа ҳхаҿы иааҳгозар, уи ӡӡ. Ԥсахеи (Мамаика) Дагомыси рыбжьара иҟоу аӡеихшарҭа иаваршәны ицон. Иахьатәи аамҭазы аублаа рыдгьылқәа зны-зынла Саӡтәыла аҳәаақәа ирыларҵон. Нас ари аҳәаа аӡиас Шьахе ахь ииасон. Еиҳагьы шамахамзар, Туаԥсы иаԥхьа инхоз ашаԥсыӷцәагьы асаӡцәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, нас «Саӡны» ҳәа ахшыҩҵак еиҳагьы инарҭбааны аетнополитикатә интерпретациа аиуит.[[Афаил:Аҭауад Аслан-беи Гьачба.png|мини|Аҭауад Аслан-беи Гьачба – Аҟәа-Қале аԥашьа.<ref>https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p8,source,web&text=асланбей%20гечба&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MQ27TYdZds8WsvT_66tAMDA,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-84yHxHqtfPkbg2yHxZJadlh9BXmik5K-hgeyhU1yJyUxUlAY2ikTTCnV0UThot3yQkPsZEee1cSiGKfms7Ee8UPAhKx5XMRuDdYINjyHWNRhhdNz2l5_w337jIcjsKBshqwKBlTZTfAcvX5E1iIaXNnpKZG46H5XzvPYazhF-NqV_7SV3LzBONe3f4q3kCeMRobPbf4IDZnbWl-ZHENmo55LqS2aQbkM2QzPB73W2ht7Ndklf1rAg7LrJcCEZ4VyBneu9kXR4yatsaXJPCwHtPwdEgBkk2_gZErnG-eTFiFwv-p2RSeFPhyRNfeCJspANI4ByOG_VjOnyt-G4sw4t8OqR1FzOHyjVtFfEtv6GSWjnmm1KOyQonCtUUmeiGmLwS8TENaXSaYkcPd47t74DREC67irGTfodtKWPCkiH4haEufA6wTIBNi8gowtirbkjeS3BYTUI2e-GNg230KSzgAD3AiG2HCiOjFB5qYHuQwkuAth7ueD8zV7OK6dAxWw-h4SM4W64Kma0sZk396grJuPl0mg7j_MiMx-ImCuC-BCtkzNIRigLILtD6VNnBAbbmQh0RnP2G1lyV74V6t_jcTo1fp_nTtMmm_gQTPuGSCWsxrCbf2vTmuBztWQPgnAFYXoxgxNCGsgVwL-2IhXIvaaoifkb646XD8xPoN2CzTT_ig1fQmba_izhzf2uc5PRuv7ItR1gsto3S2DJMcfYn5FNgLHHwiYPRsqf1AXUG36beJ-415niiainmIfeA_3CNRyfsJ9TDgqAaCVM0DnWZvnbgBp0j2gGdPmV3bOqeaSRIzk5igGLxclR-2iUcHIXbVnsxgVi0sJM-RQYkuk2JUHhsKGPIR0glTldhpTtf-GnpHKHtrTdeMwR6lWd_Aw40cMY0f4vS5OI1IBtu3YboUGfpBcOK1jfiMYEOPkYYyg,,&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLTUJjdjFXeFJvamhXQkhvWFFrcTN2bmdmZXZ5SWt1OFZRNzhfeWhFZ3F0b3Z0SV9XZ0NuT0pmNVZpeGRYM0JrelhpR1dlUEtJa0wtTlN4MWtYTGRUTWFOcHdMNDZyTEhlWXRraW1aalNqOEF6Ukd4bFcyYVpqbA,,&sign=a4b417ecde26b19ae44678fc64b706da&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ2qzEDQR6n9zqvuS4-qYgvI1IeluVWCcOnvNBxT4TFA6V-W0mJ0ecKX-i2Dj4E_NlDo8ulNlGGaC6Dk684nzmbEz4AgDlGaYaX3Wg3fvAO0q8mcWERBX9rNiJWZSVVWn3QkGBdtLJfyR6HrYE9XSNOYqabkCZX8bjg,&l10n=ru</ref>]] == Алитература == https://yandex.ru/clck/jsredir?from=yandex.ru%3Bsearch%2Fsite%2F%3Bweb%3B%3B%2Fsite%2Fweb%2Fitem%2Ftitle,pos,p6,source,web&text=аибга%20общество&etext=&uuid=&state=p0xMUgUEWJtcZBIIioDH35SC_MTyxd4MLkJ9Sar7O22vNDRzpKp83Q,,&&cst=AiuY0DBWFJ4EhnbxqmjDhaqaPG8L_F3LkXZuk2AaHk-W__omMZw30pEhwqaQjAx89K-emxECO-84yHxHqtfPkbg2yHxZJadlh9BXmik5K-hgeyhU1yJyUxUlAY2ikTTCnV0UThot3yQkPsZEee1cSiGKfms7Ee8UPAhKx5XMRuDdYINjyHWNRhhdNz2l5_w337jIcjsKBshqwKBlTZTfAcvX5E1iIaXNnpKZG46H5XzvPYazhF-NqV_7SV3LzBONe3f4q3kCeMRobPbf4IDZnbWl-ZHENmo55LqS2aQbkM2QzPB73W2ht7Ndklf1rAg7LrJcCEZ4VyBneu9kXR4yatsaXJPCwHtPwdEgBkk2_gZErnG-eTFiFwv-p2RSeFPhmcNo5GtCaj-kqrYH6fvnRE_lHfD3Byov4wUKbZJ0mYW7LlA3ffqNVBIfUHyXA3TTwszfU9jPNl0POMdixnlL4CCcUZSlaCK4QKyHoHiT7tolAfqiIBUj-q649Z7v_MUmULcV-nbBuUzQjnI4Iy9YTJpqAPP4Mg5iaAJi4rDPN_nOnoC8kwlOgTu79eoNOFqJiOKOIodEM2-yKHh2YgGxCekzPXWM1kbpazDFLGwrg0AqNwXEl6jeFPe_lVcCBIqOKwm1QbjtOLexImj34oREi0tPudVIILWamhoqmjTDGx-X27JTR-NHp_yIYaO2gu74O-vTnQ570R4dLhpKc-4FgIQE5HMN1_y2ReUP-OcbL4yNxExNBczrnavvOkRpAi8e7QNGX1V2tAfNSwzEJ7CfLfzdrvlk5ZLAdq4WhDyOJouDtxjsCmigOIbm5vWh6rTQcTimQGe7piMIleCosrrewBad3d4H8Xs5Dbqji8ramidObO0kAZLl5kUQSLVnIgF7sIfMSPCPw0omxAe_pwgpd3hWo5x50ANPuHhmC4FAJWdXq-o8i1ALcF8kgl35pqemDQv8Rwnlh2AjQ-qLZaW3YoiDWwjPEPDBu5iB2xYfOrNdaqzCorVBL7zxOmOYYlqs1yCD0BGRuho,&data=UlNrNmk5WktYejR0eWJFYk1LdmtxcXpNR21rU0dLU3l1c0x3bUlXNkNLTUJjdjFXeFJvamhZbDBLUWpUVTFXd0R0TXdyWlppeHpvTUJDNmt0SVlpUFFlOFNSWm5SWUpFMFlJel91eXYtZVIwak1oSTYtLXlnN3BCbUlaNEt1ZUZVUjl0czdIVlpOaXRQcnlMdjNGdDFBLCw,&sign=94052a33545d036608561aafa8087582&keyno=0&b64e=2&ref=orjY4mGPRjk5boDnW0uvlrrd71vZw9kpbrDtwejfYZ2qzEDQR6n9zhQZc8bcv8ZmUHmMMgQamTRDPiFPQrGiNHt_yr2UBm9b8_1c5YCtnjMC4u3EROs2peZhjPmnkzrxuyYcDa_d9oYB6-uEnxDqTYhzHZC1bl_Gon6glMdOUQM76MrP5oI12c1OkgQg97yVonWYt57t40A,&l10n=ru http://apsnyteka.org/file/Zvanba_Abkhazskie_etnograficheskie_etiudy.pdf ==Азгәаҭақәа== {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Аԥсны аҭоурыхтә тәылаҿацәқәа]] dqp2kpof89eissn35q4f5wdih5s1827 148216 148215 2024-10-22T13:23:37Z Austin.gochua 21460 Ари адаҟьа иану зегьы ириашаны, ҿыцла, инырҭбааны иҟасҵеит. 148216 wikitext text/x-wiki '''Саӡны''', ма '''Саӡтәыла''' – [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсуа аҳра]] иахәҭаку тәылаҿацәуп. == Аҭоурых == === Аԥсуа аҳраду ахәҭа === Саӡны [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсны]] иатәылаҿацәуп. Ари адгьыл ажәытәын Санигиа ҳәа иахьӡын, ақырҭуа ашықәсҩырақәа рҿы – Џьыгеҭи. [[Аԥсуа Аҳраду|Аԥсуа аҳраду]] аамҭазы Саӡны Аԥсны иахәҭакын. Уа анырра ду рыман аҭауадшьҭра Алоу. Иара убасгьы Алоуаа [[Аԥсуа Аҳраду|Аԥсуа аҳраду]] аԥсҳацәа ракәын<ref name=":0">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Dzhigetsky_sbornik_I_2012.pdf|Астатиа ахьӡ=Саӡтәи аизга|Ахьӡ=Д. Шь.|Ажәла=Чачхал|Аҭыԥ=Москва|Аҭыжьырҭа=Аква-Абаза|Ашықәс=2012|Адаҟьа=97}}</ref>. XIV-XV-тәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз Генуаиатәи ахсаалақәа рҿы «Аԥсны» ҳәа изышьҭоу абаӷәаза Ԥсоу аӡиас ахықәаҿы, иахьатәи Адлер аҵакырадгьылаҿы иарбоуп<ref name=":0" />. Агыруа аҳцәа [[Адиан|Адианаа]] зныкымкәа араҟа ақәҿиара змаз ақәыларақәа мҩаԥыргахьан, уи азы шаҳаҭра руеит ақырҭуа ашықәснҵырақәеи аныхачаԥақәа рҿы иану аҩырақәеи. Агырцәа рқәыларақәа раан ауааԥсыра рарҳәра амацара акәымкәа, ауахәамақәагьы дырбгон, аныхачаԥақәеи амрамартә хаҳәқәеи ауахәама иадчаԥаланы иааиз иамхны, ртәылаҟа иргон<ref name=":1">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Dzhigetsky_sbornik_I_2012.pdf|Астатиа ахьӡ=Саӡтәи аизга|Ахьӡ=Д. Шь.|Ажәла=Чачхал|Аҭыԥ=Москва|Аҭыжьырҭа=Аква-Абаза|Ашықәс=2012|Адаҟьа=98}}</ref>. Убас, Арыҭқыҭатәи аԥсуа аныхабааш иадчаԥаланы иааз, аџьарқәа зныз амрамартә хаҳә аашьҭыхны, Хобитәи агыруа ауахәама адәахьтәи аҭӡамц иадырҵеит. Уи иахьагьы уа иадчаԥалоуп. Аԥсуаа, хымԥада, ауал рықәны иаанымхеит. Аԥсны археологцәа ирыԥшааз ақырҭуа нҵамҭақәа зныз ауахәаматә хаҳәқәа жәпакы аԥсуаа ршьоуратә қәыларақәа раан иргеит, урҭ аҷанҳәаҭҳатә хылҵшьҭра рымоуп. Ари аамҭа иалагӡаны асаӡқәа [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсны]] ахаҭагьы, [[Гыртәыла аҳра|Гыртәылеи]], Гәыриеи, Имереҭи рыдгьылқәа рҿы имҩаԥысуаз еиуеиԥшым арратә қәыларақәа, аԥсуа ар ахәҭак раҳасабала, зныкымкәа ирылахәын. Уи иаҵанакуан амшынтә қәыларақәагьы, еиҳаракгьы XVII ашәышықәса аҩбатәи азбжа ашьҭахь аԥсуаа лассы-лассы имҩаԥыргоз, уи иадҳәаланы ақырҭуа ҭоурыхҩҩы аҳиԥа Вахушҭи иазгәеиҭоит аԥсуаа амшынныҟәараҿы амч ду шрымаз. 1533 ашықәс азы Саӡны аҿы агырцәа ӷәӷәала иаҵахеит. Зегь реиҳа ихьшәашәаз аӡынразы, ажьырныҳәамза 30 аҽны Аԥсны агаҿахь иӡхыҵит<ref name=":1" />. Аԥсуаа ргәы иаанагомызт аӡын азы аӷа дақәлоит ҳәа, насгьы амшын аганахьала, уимоу, хыԥхьаӡара рацәала. Агыруа аҳ Адиан, Гәыриа анапхгаҩи дидгыланы, зықәра наӡахьоу иԥацәа иманы, инапаҵаҟа иҟаз аҭауадцәеи аамсҭацәеи, аԥапапцәеи аҷҟәандарцәеи иманы, Иасхрыԥшь иӡхыҵит<ref name=":1" />. Аибашьра раԥхьатәи амш ақәылаҩцәа рзы иманшәалан. Аха аҩбатәи амш аҽны, ахәаша азы, аԥсуаа аибашьра амҩа аадырҳәит. Уи иахҟьаны, Гыртәыла аҳ Мамиа Адиан ахьҭаҿы деилыхны аҳәала дыршьит, ихьыԥшцәа рҿаԥхьа. Агәыр (Гуриели ԥсышәала) иашьцәа ахҩыки иареи рымаҭәақәа ршәырхын, иԥҟаны иршьит<ref name=":1" />. Убасҵәҟьа ирыхьит ари ақәылара зықәныҳәаз аҷҟәандарцәеи. Аибашьцәа рыр аҵахеит, еиҳаракгьы ықәххеит. Аԥсуа-Имереҭтәи ауахәама аиҳабы Акалҭакос Малакиа аибашьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы днеит, «ԥсы зхоу еиқәирхеит, иԥсыз ԥарала иҿихит» ҳәа аҳәоит ақырҭуа ашықәснҵыра<ref name=":1" />. Аԥсны аполитикатә центр амраҭашәарахьтәи, Саӡтәылатәи ахәҭахьы ишиасыз азы шьақәырӷәӷәара ари заҵәык акәӡам зыӡбахә ҳамоу ахҭыс. Машәыршақә акәӡам Гагра-Шәача асеқтор аҿы аԥсуа-агыртәи аибашьрақәа рышьҭагыла зегьы ахьымҩаԥысуа. Избан акәзар, абраҟа иҟан аҳ инхарҭа хада, атәыла абаӷәаза хада – “Аԥсны”<ref name=":1" />. XV-XVIII-тәи ашәышықәсақәа рзы Саӡны заҵәык акәымкәа, политикалагьы Аԥсны иазхаҵаз хәҭаны иҟан. Ахәҭакахьала, ақырҭуа ашықәснҵыраҿы уи атәы аҳәоуп, Аԥсны аҳцәа, аԥсуааи асаӡқәеи аҳцәа ҳәа; аԥсуа ар, аԥсуа-асаӡтәи ар ҳәа ирышьҭан<ref name=":1" />. 1780 азбжазы, Хәасҭа (Ҳамышь) азааигәара, Аԥсуа аҳра [[Чачба, Зураб (Сореб-беи)|аҳ Зураб Чачба]] ара ашәарыцара аан дҭахеит, хымԥада, иара инапаҵаҟа иҟаз аҵакырадгьылаҿы<ref name=":1" /><ref name=":2">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Dzhigetsky_sbornik_I_2012.pdf|Астатиа ахьӡ=Саӡтәи аизга|Ахьӡ=Д. Шь.|Ажәла=Чачхал|Аҭыԥ=Москва|Аҭыжьырҭа=Аква-Абаза|Ашықәс=2012|Адаҟьа=100-101}}</ref>. Ажәеизатәи ашәышықәсазы Вахушҭи Багратион ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩ, ажәытәтәии аҵыхәтәантәии ашықәсҩҩқәа иҟарҵаз ашьақәырӷәӷәарақәа реихшьаала ҟаҵо, иазгәеиҭеит, Саӡны «зегь рыла аԥсуа ҳәынҭқарроуп» ҳәа<ref name=":1" />. 1806 шықәсазы аҭырқәа-аԥсуа акризис аан, асаӡқәеи, мдамҩааи, ашәыуааи, аублааи злахәыз Аԥсныду ар еидкыланы ҩажәи хәба нызқьҩык рыла [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭ-беи|аҳ Қьалышь-беи Чачба]] ибираҟ аҵаҟа иаҵагылеит<ref name=":3">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/2289-gumba_m_keledhbey_2014.html|Астатиа ахьӡ=Қьалышьбеи|Ахьӡ=Михаил|Ажәла=Гәымба|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=|Ашықәс=2014|Адаҟьа=}}</ref><ref name=":2" /><ref name=":4">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/3403-Biguaa_V_L_Istoriya_Abkhazii_5-9_klassy_2004_abh.html|Астатиа ахьӡ=Аԥсны аҭоурах|Ахьӡ=В.|Ажәла=Бигәаа|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Аҵара аминистрра|Ашықәс=2004|Адаҟьа=47-51}}</ref>. [[Османтәи аимпериа|Ҭырқәтәыла]], ҷыдала [[Урыстәылатәи аимпериа|Урыстәыла]] Кавказ имҩаԥыргоз арратә усмҩаԥгатәқәа XIX ашәышықәса алагамҭазы Аԥсны аҳтә мчра ԥсыҽхеит<ref name=":3" />. Аха абри аамҭазы Саӡныи уи аҭауадцәеи аполитикатә центр ахь рхы дырхеит, аха ахаҭа апровинциаҿы ирымаз анырра амырԥсыҽырц азы рҽазыршәон. Азеижәтәи ашәышықәса актәи азыбжазы Аԥсны [[Чачба, Манча I|аҳ Манча (Сулеиман-беи ҳәагьы ихьӡуп) Чачба]] аҳкәажә Есма-ҳаным Арыҭԥҳа ԥҳәысс диман<ref name=":3" />. Аԥсны [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭ-беи|аҳ Қьалышь-беи]] (1747-1808) лԥа иакәын<ref name=":4" />. [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭ-беи|Қьалышь-беи]] имаҭа, аҳ Михаилгьы раԥхьаӡа акәны 1829 ашықәс азы, Арыҭқыҭатәи аҭауад Беслангәыр Арыҭба иԥҳа аҳкәажә Акаиа ԥҳәысс дигеит. 1808 ашықәс азы ацәгьаршра иахҟьаны Аԥсны [[Чачба, Қьалышь Аҳмаҭ-беи|аҳ Қьалышь-беи Чачба]] дҭахеит<ref name=":3" /><ref name=":4" />. Ҩышықәса атәыла дахагылан [[Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа|аҳ Аслан-беи]], абшьҩы ҳәа ахьымӡӷа (иашамкәан) изгаз<ref name=":5">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Lakoba_S_Aslanbey_1999.pdf|Астатиа ахьӡ=Асланбеи|Ахьӡ=С. З.|Ажәла=Лакоба|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=|Ашықәс=1999|Адаҟьа=}}</ref>. 1810 ашықәс азы аурыс еибашьцәа [[Аҟәа абаа|Аҟәантә]] дҭырцеит [[Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа|Аслан-беи]], [[Чачба, Сафар Алибеи|Гьаргь]] аҳс дҟарҵеит. Аҵыхәтәантәи иаб иганахьала [[Чачба, Сафар Алибеи|Аслан-беи]] иашьа иакәын<ref name=":5" /><ref name=":2" />. [[Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа|Аслан-беи]] атәыла анапхгара данамырх, Саӡныҟа, аҭауадцәа Самахәаа иааӡаҩцәа рахь дцеит<ref name=":5" />. Иара иаҳҭынра игылан Кәыдеԥсҭа аӡиас ахықәан, Самҳәрԥшь ақыҭан. Абрантәи [[Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа|Аслан-беи]] лассы-лассы Аԥсны аҩныҵҟа ақәыларақәа мҩаԥигон, атәылаҿы имчра аиҭашьақәыргылара иҭахын<ref name=":5" />. Убас, 1821 ашықәс азы ҩаԥхьа иқәгылан, [[Ԥсҳәы (атәылаҿацә)|Ԥсҳәы]], Ахҷыԥсоу, Аибӷа, иара убас агатәи асаӡуа рыла еидызкылаз аҽыбӷаҟазацәа рҟәыра, раԥхьа дгыланы абираҟқәа иманы, [[Чачба, Асланбеи Қьалышь Аҳмаҭбеи-иԥа|Аслан]] [[Аҟәа абаа|Аҟәа]] далалеит<ref name=":2" />. Хышықәса рышьҭахь игәҭакы наимыгӡакәа [[Османтәи аимпериа|Ҭырқәтәылаҟа]] ддәықәлеит<ref name=":5" />. 1830 ашықәсазы аҳ Михаил аурысцәа [[Шәача]] ақыҭа аанкылараҿы дрыцхрааит, насгьы абаагәара иргылеит, уи аамҭазы Навагински ҳәа иашьҭан<ref name=":6">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/4098-Gumba_M_Abkhazskoe_knyazhestvo_v_20_50_godah_XIX_veka_2022.html|Астатиа ахьӡ=Аԥсуа аҳра XIX ашәышықәса 40-50 ашықәсқәа рзы|Ахьӡ=М. В.|Ажәла=Гәымба|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Акьыԥхь аҩнаҭа|Ашықәс=2022|Адаҟьа=}}</ref><ref name=":1" />. 1841 ашықәс азы [[аублаа]] рыдгьылқәа рҿы ақәыларақәа ахьымҩаԥигоз, асаӡқәа рнапаҿы рызнагара азы Михаил Чачба ианашьоуп Анна Аԥшьа лыорден актәи аҩаӡара змоу<ref name=":1" /><ref name=":6" />. Саӡны хазы административтә хәҭаны еихшан. Уи раԥхьатәи априставс (аӡбарҭа ахада) дыҟан аҳ иашьа - Алықьсандр, дук мырҵыкәа уи иҭыԥан дҟалеит Салуман Ажәанба, аурыс афицар, хылҵшьҭрала аԥсуа аамсҭа<ref name=":6" />. Анаҩс Саӡтәи априставра [[Аԥсуа аҳра (XV-XIX)|Аԥсуа аҳра]] иадҵан. Ари аамҭа азы аублаа ҭауади-аамсҭеи Аԥсны аҳцәа рыҩнаҭа, анырра ду змаз аамсҭара рааигәара аҟазаара иашьҭан. Урҭ убраҟа изыргәаҟуаз асаӡуа аҭауадцәеи дареи, еиҳарак [[Шәача]] аԥшәмацәеи дареи ирыбжьаз аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа ракәын<ref name=":2" />. Насгьы Аԥсны аҳцәа рхылаԥшра араҟа ихәарҭахеит. Абасала, аублаа раԥхьагылаҩ Ҳаџьы Исмаил Адагәуа-иԥа Барзагь, Аԥсны ԥхьаҟатәи аҳ Михаил Чачба иааӡаразы азин иоуит<ref name=":2" />. Абри аублаа раԥхьагылаҩ ихаҭыԥан иҟаз иашьеиԥа Ҳаџьы Кьарантыхә Барзагь диааӡеит анырра ду змаз аԥсуа ҭауад Нарчоу Инал-иԥа иԥа, аҭауад қәыԥш Росҭом. Убри аамҭазгьы Кьарантыхә аԥсуа аам ста Ҟамлаҭ Амаан иԥҳа ԥҳәысс дигеит. Алықьсандр Чачба иԥа Гьачрыԥшь ақыҭан (иахьатәи Веселое) асаӡуа аҭауад Рашьыҭ Гьачба иҩнаҭа дааӡеит<ref name=":1" />. Кавказтәи аибашьра нҵәеит 1864 шықәсазы лаҵарамза 21 аҽны, ииашаҵәҟьаны [[Гәбаадәы|Гәыбаадәы]] ақыҭаҿ. Аԥсуаа рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа рҿы иаҳԥылоит аҵыхәтәантәи аибашьраан аҭыԥантәи ауааԥсыра рцәыӡ дуқәа<ref name=":1" /><ref name=":2" />. == Асаӡтәылатәи аамсҭара == Саӡны инхон аҭауадшьҭрақәа: Ҳамышь, Арынба, Арыҭба, Аублаа, Цанба, Гьачба, Чуа, Амаршьан (); аамсҭацәа: Ашьхацаа, Баӷа, Кьынца, Амаан, Мқьалба, Анчок, Кәыџьба, Шьыкәым, Ҵәышба, Аиқәа, Цышба, Лахәуа, Арымба, Озган, Қаԥшь, Ҵәыџьба, Цыхәба, Цыба, Данарчау, Саӡба, Самахәа. Аԥсуа-асаӡуа рхылҵшьҭрақәа иахьа инхоит Баҭым. Урҭ иреиуоуп асаӡуа ажәлақәа Цанба, Кәыдба, Ачыгәба, Агрба, Ҷызмаа<ref name=":7">{{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Dzhigetsky_sbornik_I_2012.pdf|Астатиа ахьӡ=Саӡтәи аизга|Ахьӡ=Д. Шь.|Ажәла=Чачхал|Аҭыԥ=Москва|Аҭыжьырҭа=Аква-Абаза|Ашықәс=2012|Адаҟьа=102}}</ref>. Ҭырқәтәылатәи Хәасҭа (Ҳамышь) аҟынтәи иааз ақыҭа шьақәдыргылеит, уи уа Ҳамышь ҳәа иашьҭан, Мцаԥсҭатәи аамсҭацәа Чуа - уи инақәыршәаны, ақыҭа Чуа рқыҭа<ref name=":7" />. Аҩарданааи, Багааи, Арыҭааи инхоит Гебешь ақыҭан. Шәачатәи аҭауадцәа Сача (Шьашаа) рхылҵшьҭрақәа нхоит ақыҭақәа Хамышьи Цхьынареи. Асаӡуа ыҟоуп [[Шьамтәыла|Шьамтәылеи]] [[Иорданиа|Иорданиеи]]. Аамсҭара иаҵанакуа Гьачба, Амаршьан, Кәыџьба, Чуа рыхьӡқәа ара еицырдыруеит<ref name=":7" />. == Аҵакырадгьыл == Саӡны ҳәа иашьҭан Бзыԥ аӡиас мраҭашәарахьтәи аҵакырадгьыл, лассы-лассы иахьатәи Гагра амраҭашәарахьтәи аганахь ала<ref name=":2" />. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы еиуеиԥшым авторцәа уи мраҭашәаратәи аҳәаа Ҳамышь аӡиас иаваршәны, еиҳарак Мамаика аӡиас иаваршәны иалырхуан. Ииашаҵәҟьаны, Шәачатәи аҭыԥ мраҭашәаратәи аҳәаа ҳхаҿы иааҳгозар, уи ӡӡ. Ԥсахеи (Мамаика) Дагомыси рыбжьара иҟоу аӡеихшарҭа иаваршәны ицон<ref name=":2" />. Иахьатәи аамҭазы аублаа рыдгьылқәа зны-зынла Саӡтәыла аҳәаақәа ирыларҵон. Нас ари аҳәаа аӡиас Шьахе ахь ииасон. Еиҳагьы шамахамзар, Туаԥсы иаԥхьа инхоз ашаԥсыӷцәагьы асаӡцәоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, нас «Саӡны» ҳәа ахшыҩҵак еиҳагьы инарҭбааны аетнополитикатә интерпретациа аиуит<ref name=":2" />. == Алитература == * {{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Zvanba_Abkhazskie_etnograficheskie_etiudy.pdf|Астатиа ахьӡ=Аԥсуа аетнографиатә етиудқәа|Ахьӡ=Салуман|Ажәла=Ажәанба|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=Алашара|Ашықәс=1982}} * {{Ашәҟәы|Азхьарԥш=http://apsnyteka.org/file/Maan_O_Abkhazia_i_vneshny_mir_2021.pdf|Астатиа ахьӡ=Аԥсуааи адәныҟатәи адунеии: аетнокультуратә, аполитикатә, аекономикатә еизыҟазаашьақәа (VΙΙΙ – XVΙΙΙ ашәышықәсақәа)|Ахьӡ=О. В.|Ажәла=Амаан|Аҭыԥ=Аҟәа|Аҭыжьырҭа=|Ашықәс=2021}} == Азгәаҭақәа == {{reflist}} {{Авторитет змоу адыррақәа}} [[Акатегориа:Аԥсны аҭоурыхтә тәылаҿацәқәа]] 8gvs3zkpdu8prvz32wbk5shp6nvflxg