Авикипедиа
abwiki
https://ab.wikipedia.org/wiki/%D0%98%D1%85%D0%B0%D0%B4%D0%BE%D1%83_%D0%B0%D0%B4%D0%B0%D2%9F%D1%8C%D0%B0
MediaWiki 1.44.0-wmf.3
first-letter
Амедиа
Цастәи
Ахцәажәара
Алахәыла
Алахәыла ахцәажәара
Авикипедиа
Авикипедиа ахцәажәара
Афаил
Афаил ахцәажәара
Амедиавики
Амедиавики ахцәажәара
Ашаблон
Ашаблон ахцәажәара
Ацхыраара
Ацхыраара ахцәажәара
Акатегориа
Акатегориа ахцәажәара
TimedText
TimedText talk
Амодуль
Амодуль ахцәажәара
Актәи адунеизегьтәи аибашьра
0
37764
149723
136300
2024-11-15T07:02:29Z
InternetArchiveBot
15973
Rescuing 1 sources and tagging 0 as dead.) #IABot (v2.0.9.5
149723
wikitext
text/x-wiki
[[Афаил:WWImontage.jpg|мини|Актәи адунеизегьтәи аибашьра 1914–1918 шш.]]
'''Актәи адунеизегьтәи аибашьра 1914–1918 шш.''' – ҩ-коалициак рҳәынҭқаррақәа рыбжьара аибашьра (Антантеи Агәҭантәи аҳәынҭқаррақәа рблоки рганқәа), адунеии аколониақәеи реиҟәшаразы, уа анырра ӷәӷәа аиуразы. Ари раԥхьатәи арратә конфликтуп, ас еиԥш адунеитә мҽхакы змаз иаланагалеит усҟантәи аамҭазы ихьыԥшымыз 59 ҳәынҭқарра рҟынтәи 38 тәыла (ари ишьақәнаргылон 2/3 ахәҭа адунеи ауааԥсыра зегьы аҟынтә).<ref>{{Cite web |url=https://bigenc.ru/military_science/text/2711149 |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2021-05-06 |archive-url=https://web.archive.org/web/20210506115601/https://bigenc.ru/military_science/text/2711149 |url-status=dead }}</ref>
== Актәи адунеизегьтәи аибашьра: изыхҟьаз ==
Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалагеит ԥхынгәымза 28, [[1914]] шықәсазы, иагьхыркәшан абҵарамза 11, [[1918]] шықәсазы. Ари зегь реиҳа амҽхак змаз актәи арратә конфликтуп, иара Антанта аҳәынҭқаррақәеи (Урыстәыла, Британиа Ду, Франциа) насгьы, Агәҭатәи аҳәынҭқаррақәа рблок (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа) рыбжьара аҭыԥ аман.<ref>https://istoriarusi.ru/imper/pervaja-mirovaja-vojna-1914-1918.html</ref>
== Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алахәцәа ==
Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәын агәҭантәи аҳәынҭқарра дуқәа: Германиа, Австро-Венгриа, Османтәи аимпериа, Болгариа.
Аидгылаҩцәа (Антанта): Франциа, Британиа Ду, Урыстәыла, Иапониа, Сербиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Италиа (аҵыхәтәантәи аибашьра иалахәын Антанта аганахь ала 1915 шықәса инаркны).
Антанта аҩызцәа (Антанта ацхыраара арҭеит аибашьра аан): Черногорие, Бельгиа, Бырзентәыла (Грециа), Бразилиа, Китаи, Афганистан, Куба, Никарагуа, Сиам, Гаити, Либериа, Панама, Гондурас, Коста-Рика.<ref>{{Cite web |url=https://istoria-mira.ru/novoe-vremya/pervaya-mirovaya-vojna/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2023-05-29 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230529150944/https://istoria-mira.ru/novoe-vremya/pervaya-mirovaya-vojna/ |url-status=dead }}</ref>
Актәи адунеизегьтәи аибашьра зыхҟьаз иалацәажәоит уи анналага, нанҳәамза 1914 шықәса раахыс, адунеитә ҭоурыхҭҵааҩцәа зегьы.
Аибашьра алагара зыхҟьаз зехьынџьара амилаҭтә гәалаҟазаарақәа рцәырҵра ауп. Аха аибашьра алагара мзызс иаиуит Сараеватәи аибашьра, уи аҭыԥ аман рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, усҟан дшьын австриатәи агерцог Франц Фердинанд, уи дишьит сербиатәи астудент Гаврил Принцип, иара маӡалатәи аиҿкаара «Иқәыԥшу Босниа» далахәылан, ари аҿкаара ладатәи аславиантә жәларқәа ҳәынҭқарракны реизакра иазықәԥон.<ref>https://www.pravmir.ru/pervaja-mirovaja-vojna/</ref>
Ԥхынгәымза 23, [[1914]] шықәсазы Австро-Венгриа Германиа адгылара ала, Сербиа аультиматум азықәнаргылеит, уа дҵаны иқәгылан Сербиа аҵакырадгьыл ашҟа арратә еиҿкаарақәа рынамышьҭра, насгьы сербиатәи амчрақәеи дареи рымчала аҿагыларатә акциақәа раанкылара. Сербиа ари аультиматум аҭак иҟанаҵаз Австро-Венгриа иагәамԥхеит, убри аҟынтә ԥхынгәымза 28, 1914 шықәсазы Сербиа ишабашьуа рыланаҳәеит.<ref>https://obrazovaka.ru/istoriya/uchastniki-pervoy-mirovoy-voyny-1914-1918.html</ref>
== Актәи Адунеизегьтәи аибашьра алагара ==
Рашәарамза 28, 1914 шықәсазы, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, зеижә шықәса зхыҵуаз астудент, босниатәи асерб Гаврило Принцип, ааигәа аннексиа зызуз Босниеи Герцеговинеи рҵакырадгьылқәа збарц иааз австро-венгриатәи аҳ ишьҭрамдаҩы Франц Ферденанд дишьуеит.
Ԥхынгәымза 23 рзы, Австро-Венгриа Сербиа аультиматум азықәнаргылоит, уи аерцгерцог ишьра харас иадҵо. Аультиматум ахәаԥшразы Сербиаа ирыҭан 48 сааҭ.
Ишьақәгылан аультиматум 10 пунктк рыла, урҭ даара асуверентә ҳәынҭқарра аҳаҭыр ладырҟәуан. Аха, ус шакәызгьы, Сербиа арҭ апунктқәа 10 рахьтә 9 рынагӡара иақәшаҳаҭхеит, аха акы мап ацәыркит, уи иаҳәон: «Сараевотәи ауаҩшьра иалахәыз ирзырхаз аусҭҵаара амҩаԥгара австриатәи аиҳабыра ралахәхара».
Антанта атәылақәа, иара убасгьы Урыстәыла аконфликт ҭынч мҩала аиқәыртәара иашьҭан, уи азын иӡбан ари аҭыӡшәа Гаагатәи аконференциа ашҟа алацәажәаразы инашьҭызарц.
Ԥхынгәымза 26 азы Австро-Венгриа аҳәамҭа ҟанаҵеит аультиматум адҵақәа шынагӡам, насгьы, архәҭақәа сербиатәи аҳәаахь аизгара иалагеит ҳәа ԥхынгәымза 28 рзы, Белград алахысра ала Сербиа абашьра ргәы ишҭоу азы аҳәамҭа ҟаҵан.<ref>https://historykratko.com/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg</ref>
Урыстәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит, Сербиа аоккупациа шалдмыршо азы, уи инақәыршәаны, ԥхынгәымза 31 азы Урыстәылатәи аимпериа аррахь амобилизациа рыланаҳәеит.
Германиа акәзар, аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла амобилизациа ианаҟәымҵ аамҭазы аибашьра шрылаҳәахо ала.
Нанҳәамза 1, 1914 шықәсазы Германиа Урыстәыла аибашьра аланаҳәеит, август 3 азы Франциеи Бельгиеи мап ацәыркит германиатәи архәҭақәа дара рҵакырадгьылқәа рҟынтәи ирылсны ацаразы иқәыргылаз аультиматум. Британиа Ду дҵаны иқәнаргылеит Германиа Бельгиа анеитралитет иаламкьысырц, аха мап ахьырцәыркыз август 4 азы рдоминионцәеи дареи Германиа ишабашьуа рыларҳәеит.
Нанҳәамза 6 рзы, Австро-Венгриа Урыстәыла ишабашьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит. Германиеи Австро-Венгриеи рыдгылаҩ Италиа акәзар, анеитралитет рыланаҳәеит. Убриакәхеит, Актәи Адунеизегьтәи аибашьрагьы иалагеит.<ref>https://historyrussia.org/sobytiya/1-avgusta-1914-goda-nachalas-pervaya-mirovaya-vojna.html</ref>
== Аганқәа рпланқәа ==
Атәылақәа зегьы еилых ҟамҵакәан ари аибашьра акраамҭа ицалап ҳәа агәаанагара рымамызт, дара зегьы гәыӷуан аӡын 1914 шықәсазы еилгап ҳәа.
'''Германиа''' акәзар, «Шлиффен иплан» ҳәа изышьҭаз иқәныҟәон, уи аплан инақәыршәаны, анемец архәҭақәа ааба рахьтә быжьба мраҭашәаратәи афронт аҟны иқәгылон. Дара инеитралтәыз аҵакырадгьылқәа Лиуксембурги Бельгиеи ирылсны франциаа рырхәҭақәа рахь ицәырҵны иԥыххаа иргар акәын, Париж рнапахьы иааганы Франциа аибашьра иалганы, анаҩс рымчқәа зегьы Урыстәыла аҿагыларазы идырхон.
Еицырдыруа иҟалеит Вильгельм аҩбатәи иҳәамҭа: «Шьыбжьхьа ҟалоит Париж, ахәылбыҽха акәзар, ҳакрыфара – Санкт Петербург». Мрагыларатәи аҳәаақәа Мрагыларатәи Пруссиа ахьчаразы иқәыргылан адәныҟатәи архәҭақәа.<ref>https://www.kommersant.ru/doc/2535133</ref>
'''Австро- Венгриагьы''' ҩ-фронткны аибашьра ақәшәеит: 1/3 архәҭақәа Сербиатәи афронт ахь инашьҭын, 2/3 ахәҭа акәзар, урыстәылатәи Алада-Мраҭашәаратәи афронт иаҿагылан. Урҭ рхықәкы аурыс архәҭақәа аҳәаа раҟәыгара акәын, анаҩс, Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә инеиуаз анемец архәҭақәеи дареи еицхырааны Урыстәыла ақәлара ргәы иҭан.<ref>https://www.gazeta.ru/science/2014/08/06_a_6162825.shtml</ref>
'''Франциа''' апланқәа рахь иаҵанакуан Ельзаси Лотарингиеи рҵакырадгьылқәа рықәлара, аха рыстратегиа еиҭахәаԥшыр акәхеит, избанзар анемеццәа Бельгиа ала рхырхарҭа рыԥсахыр акәхеит.
'''Британиа Ду''' акәзар, Германиа афлот ақәгаразы еибашьуан, аха адгылаҩцәа рықәымчра иабзоураны аибашьра аламҭалазы афранцызцәа аекспедициатә корпус 7,5 адивизиа аҟынтә ацхыраара рзынашьҭын.
'''Урыстәыла''' архәҭақәа ҩ-фронткны иашар акәхеит: Аҩада-мраҭашәаратәи – уи ҩ-архәҭак рыла ишьақәгылан, арҭ архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа иҟаз анемеццәа ирҿагылан; Алада-Мраҭашәаратәи шьақәгылан архәҭақәа ԥшьба рыла – урҭ австриаа ирабашьлар акәын. Планс иҟаз – иаарласны Австро-Венгриа аибашьра алгара акәын, анаҩс амчрақәа зегьы Германиа аҿагылара иазырхахон.<ref>https://www.prlib.ru/history/619424</ref>
== Актәи адунеизегьтәи аибашьра: ахҭысқәа рыҿиашьа ==
=== 1914 шықәса ===
Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра иалагеит нанҳәамза 2 рзы, усҟан анемец архәҭақәа Лиуксембург иалалеит, уаантәи Бельгиа аҵакырадгьыл иахысны Франциа аҳәаахь инеит. Ари аиҿагылара аҟны анемеццәа аидгылаҩцәа рырхәҭақәа ԥыхха иганы Парижынтә маҷк мрагылараҟа аӡиас Марна ашҟа ицәырҵит.
Афранцызцәа иаарласны даҽа ҩ-архәҭак аиҿкаара рылшоит. Цәыббрамза 5 инаркны жәаҩанӡа Марна аҩхықәк рҟны инарҭбааз аибашьрақәа цон, урҭ аҩганк реибашьрақәа ирылахәын 2 миллионҩык ауаа.
Анемеццәа Париж иалцан. Анаҩс, еиҿагылоз архәҭақәа ҩадаҟа инаскьон еибашьрыла, амшын аԥшаҳәа аҟынӡа инеиаанӡа – «амшын ахь аҩра» ҳәа ззырҳәоз ахҭыс ауп ари. Абри алагьы афронт ҭышәынтәалахеит, аҭабиатә еибашьрагьы иалагеит. Германиа аныҟәаракьаҿ акагьы злымҵыз усхеит.<ref>https://histerl.ru/otechestvennaia_istoria/pervaya-mirovaya-vojna/periodizaciya-osnovnyx-sobytij.htm</ref>
Мрагыларатәи афронт аҟны Франциа иҟанаҵаз аҳәара ала, Урыстәыла ақәылара иалагеит, усҟан анемеццәа ржәыларақәа ирыхҟьаны, афранцызцәа шьҭахьҟа ахьаҵра иаҿын. Мрагыларатәи Пруссиа аҵакырадгьыл иақәлаз, аинрал Ренненкампф актәи ирхәҭа Губиннен-Гольдаптәи аибашьра аан, аабатәи анемец архәҭа ԥыхха иагеит. Ара аиааира аанкылара рылымшеит: анемец архәҭақәа рҽеизганы аҩбатәи аурыс архәҭа, аинрал Самсонов напхгара зиҭоз, Мазуртәи аӡиасқәа рааигәа ирыжәлоит. Архәҭа иакәшаны иԥыхха иган. Самсонов иакәзар, иҽишьуеит. Актәи архәҭа анкьатәи аҭыԥ ахь, ашьҭахьҟа игьежьуеит.
Арҭ ахҭысқәа арыцҳаратә лҵшәақәа шрыцызгьы, аурыс архәҭақәа Мрагыларатәи Пруссиа ала ржәылара анемеццәа рпланқәа хнарбгалеит: дара Мраҭашәаратәи афронт аҟынтә рырхәҭақәа рыхәҭак, аабатәи архәҭақәа рыцхыраара азы иианагар акәхеит, уи алагьы Марна аибашьра аан рымчқәа ԥсыҽхеит.
Галициатәи аоперациа аан Лада-Мраҭашәаратәи афронт аҟны еибашьуаз австриаа ԥыхха иган. Иган – Львов, Галич уҳәа акыр ақалақьқәа. Варшаватәи акәацәра аҿы аибашьра аан хыԥхьаӡара рацәалатәи ажәыларақәа афронт даара иаԥсахит.
Нанҳәамза 23 рзы Германиа аибашьра аланаҳәеит Иапониа.<ref>http://pervaya-mirovaya.ru/etapy-pervoy-mirovoy-voyny-kratko/</ref>
Абҵарамза 1 азы х-ганктәи ахеилак иадгыланы аибашьраз иқәгылеит Османтәи аимпериа.
=== 1915 шықәса ===
1915 шықәсазтәи акомпаниа аан анемец командаҟаҵара иаӡбоит аплан аиҭакра: уи инақәыршәаны, анемец мчрақәа реиҳарак Мрагыларатәи афронт ахь идәықәҵан, Урыстәылатәи архәҭақәа ԥыхха иганы аибашьра алгара хықәкыс иҟаҵаны. Иара убри аамҭазы, аурыс архәҭақәа абџьари аџьаԥҳани рзымхара рныԥшуа иалагеит. Абри иахҟьаны анемец архәҭақәа ржәылара аан, аурысқәа ахьаҵра иалагеит – иааныжьын Польша, Галициа, Литва, Беларуссиеи Латвиеи рыхәҭақәак. Афронт шьақәгылеит Рига-Двинск-Барановичи-Пинск-Дубно-Тарнополь ацәаҳәаҟны. Аха, Урыстәылатәи архәҭақәа рыцҟьара азы ишьақәыргылаз анемеццәа рстратегиатә план хыбгалеит.
Мраҭашәаратәи афронт аҟны аибашьра апозициатә ҟазшьа аанахәеит, ара ахархәара аҭан абџьархк ҿыц. Ипр азааигәара анемец арбџьармчқәа ржәылараан раԥхьаӡа акәны ахархәара аҭан ахимиатә бџьар – ахлор.
Уинстон Черчилль иабжьгара ала еиҿкаан лҵшәа аазмышьҭыз Дарданеллтәи аоперациа, уи мҩаԥысуан жәабранмза 19, 1915 шықәса инаркны, ажьырныҳәамза 9, 1916 шықәсанӡа. Хықәкыс иамаз Константинополь анапахьы аагара, Ҭырқәтәыла аибашьра алҵра, насгьы Урыстәылаҟа амшынтә мҩа аартра акәын.
Лаҵарамза 23 рзы Антанта аганахь ала аибашьра ахы аланагалоит Италиа.
Жьҭаарамза 14 рзы Германиа иадгыланы аибашьра иалагоит Болгариа. Ицәырҵит Иԥшьбахаз ахеилак (Германиа, Австро-Венгриа, Болгариа, Османтәи аимпериа).<ref>https://nashahistory.ru/materials/pervaya-mirovaya-voyna-1915</ref>
=== 1916 шықәса ===
1916 шықәсазтәи акомпаниа аан Германиа архәҭа хадақәа Мраҭашәаратәи афронт аҟны еизнагоит, уи хықәкыс иамаз аибашьра Франциа алгара акәын. Ақалақь Верден азааигәара еизган хыԥхьаӡара рацәала аруааи артиллериеи.
Германиатәи архәҭақәа '''Вердентәи аоперациа''' иалагеит жәабранмза 21 рзы, амчқәа даара ишыӷәӷәазгьы, анемеццәа ара аԥыжәара рзымгеит. Аибашьра даара ишьаарҵәырахеит, краамҭагьы ицон. Аҩганкгьы ацәыӡ дуқәа роуит (миллионҩык рҟынӡа ауаа ҭахеит). Жәамз ицоз ари аоперациа лҵшәадахеит. Аҭоурых аҟны ари ажәылара «'''Верденская мясорубка'''» ҳәа ахьӡ аманы иаанхеит.<ref>http://www.historicalreporter.ru/archive/the-first-world-war-1916/</ref>
Илҵшәадахеит аидгылаҩцәа ржәылара аӡиас Сомма аҟынгьы, абџьархк ҿыц, атанккәа, ахархәара шрырҭазгьы. Мрагыларатәи афронт аҟны акәзар, ароль ду нанагӡеит «'''Брусиловский прорыв»''' ҳәа ззырҳәо, уи аан аурыс архәҭақәа австриатәи анемец архәҭақәа ашәарҭара рзаԥырҵеит Австро-Венгриа аибашьра алҵразы. Германиеи Австро-Венгриеи рырхәҭақәа егьырҭ афронтқәа рҟынтә иианагар акәхеит, убри алагьы, афранцызцәа Верден аҵаҟеи, аиталианеццәа Триента аҵаҟеи рҭагылазаашьа еиҳа еиӷьхеит.
Антанта аганахьала, нанҳәамза 27 рзы, аибашьра зхы алазгалаз Румыниа акыр аҵахарақәа аман, уи иахҟьаны Урыстәыла егьырҭ афронтқәа рҟынтәи архәҭақәа ықәганы ацхыраара аҟаҵара иалагар акәхеит. Мрагыларатәи афронт даҽа 500 километра аура аиуит.
Кавказтәи афронт аҟны акәзар, аурыс архәҭақәа 250 километра Османтәи аимпериа аҵакырадгьыл ахь анаскьара рылшеит, дара рнапахьы иааргеит ақалақьқәа Ерзурум, Трапезунд, Ерзинџьан.
Амшын аҟны лаҵарамза 31 инаркны рашәарамза 1-нӡа аҭыԥ аман зегьы реиҳа амҽхак змаз Адунеизегьтәи актәи аибашьра аҟны, амшынтә еибашьра – '''Иутландтәи'''. Британиатәи афлот ари аибашьра аҟны иацәыӡит 14 ӷба, быжь-нызқьҩык рҟынӡа ауаа; германиатәи афлот акәзар – жәеиза ӷба, х-нызықьҩык рҟынӡа ауаа. Аха Британиа Ду амшын аҟны аҳра шамаз иаанхеит.<ref>{{Cite web |url=https://www.kozlovskoesp.ru/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918.html |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2023-06-01 |archive-url=https://web.archive.org/web/20230601014653/https://www.kozlovskoesp.ru/pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918.html |url-status=dead }}</ref>
=== 1917 шықәса ===
1917 шықәсазы Антанта атәылақәа рекономикатә ԥыжәара даара ианыԥшуа иалагеит, Агәҭатәи атәыла дуқәа ажәыларақәа ирылагеит. Иара убасгьы, мшаԥымза 6 азы Еиду Америкатәи Аштатқәа Антанта аганахь ала аибашьра иалагеит. Аидгылаҩцәа ржәыларақәа лҵшәадахеит.
Урыстәыла акәзар, Жәабранмзатәи ареволиуциа ашьҭахь амонархиа хыбгалеит. Илҵшәадахаз аԥхынтәи ажәылара ашьҭахь аурыс архәҭақәа Рига аанрыжьыр акәхеит. Амчратә хҳәара ашьҭахь амчрахь инеиз абольшевикцәа аҭынчразы асепараттә еиҿцәажәарақәа ирылагеит. Формалла Урыстәыла аибашьра иалҵит.
=== 1918 шықәса ===
Урыстәылатәи ареволиуциа егьырҭ атәылақәа ргәалаҟазаара даара ианыԥшит. Аидгылаҩцәа инарҭбааз ажәыларатә операциақәа рымҩаԥгара рпланқәа рҟны иарбамызт, иахәҭаз америкатәи аконтингент аанӡа. Германиа акәзар, аҵыхәтәантәи ажәылара аҽазнакит, избанзар аекономикатә ресурсқәеи ауаа рзымхареи даара иӷәӷәан. Убри аан 60 немец дивизиа рҟынӡа Урыстәылаҟа аинтервенциа азы инашьҭын. Мраҭашәаратәи афронт аҟны анемеццәа ржәылара лҵшәа аанамышьҭит, аидгылаҩцәа ракәзар, аԥхынразы аконтржәыларахь ииасит.
Германиа ҭагалан арра-економикатә мчкаԥсара иазнеит аҟнытә, жьҭаарамза 5 рзы, Германиа Вудро Вильсон иахь ааԥхьара ҟанаҵеит аинышәаразы.
Цәыббрамза 29 рзы – Болгариа акапитулиациа ҟанаҵеит.
Жьҭаарамза 30 рзы – Османтәи аимпериа.
Абҵарамза 3 рзы – Австро-Венгриа.
Абҵарамза 11 рзы – Компиентәи абнаҟны Германиеи аидгылаҩцәеи рыбжьара аинышәаразы аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩын.<ref>https://www.prlib.ru/collections/467020</ref>
== Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа ==
Актәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа рыла ԥшь-империак рыҟазаара аанкылан – Урыстәылатәи, Германиатәи, Османтәи, Австро-Венгриатәи. Европа ахсаалаҿы ицәырҵит аҳәынҭқарра ҿыцқәа.
Еибашьуаз аганқәа рахьтә арра инаԥхьаз 70 миллионҩык ауаа рахьтә жәа-миллионҩык рҟынӡа ҭахеит. Аҭынчуааԥсыра рыбжьара иҭахаз рхыԥхьаӡара 12 миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Амлакреи аепидемиеи 20 миллионҩык рҟынӡа ауааԥсыра рыԥсҭазаарақәа ҿахнаҵәеит.<ref>{{Cite web |url=https://www.rubaltic.ru/article/kultura-i-istoriya/20191110-pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg-prichiny-sut-konflikta-khronologiya-itogi/ |title=Archive copy |access-date=2024-01-30 |archive-date=2024-01-30 |archive-url=https://web.archive.org/web/20240130102107/https://www.rubaltic.ru/article/kultura-i-istoriya/20191110-pervaya-mirovaya-voyna-1914-1918-gg-prichiny-sut-konflikta-khronologiya-itogi/ |url-status=dead }}</ref>
==Азгәаҭақәа==
{{reflist}}
[[Акатегориа:Актәи адунеизегьтәи аибашьра]]
lp44bpvp6qcj7t6wvpxdhwpqqn0jzo2
Акатегориа:Амузыкатә ҭыԥқәа ашәышықәсақәа рыла
14
44683
149720
149702
2024-11-14T17:29:02Z
Fraxinus.cs
8381
Удaлeнa [[Акатегориа:Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа ашьақәгылара шәышықәсала]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа ашьақәгылара ашәышықәсақәа рыла]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
149720
wikitext
text/x-wiki
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{DEFAULTSORT:музыкатә ҭыԥқәа ашәышықәсақәа рыла}}
[[Акатегориа:Амузыкатә ҭыԥқәа| шәышықәсақәа]]
[[Акатегориа:Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа ашьақәгылара ашәышықәсақәа рыла|*музыкатә ҭыԥқәа]]
[[Акатегориа:Ахыбрақәеи аргыларақәеи рыхкқәа атәылақәа рылеи ихыркәшаз шәышықәсалеи]]
[[Акатегориа:Аобиектқәа рцәырҵра ахкқәа рылеи ашәышықәсақәа рылеи]]
[[Акатегориа:Амузыка ашәышықәсақәа рыла|Venues]]
aukk0opt992c081km8wlrehmy8gdg2b
Акатегориа:Зыԥсы ҭоу амузыка
14
44687
149707
2024-11-14T17:06:58Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|Live music}} [[Акатегориа:Амузыкатә қәгылара]]»
149707
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Live music}}
[[Акатегориа:Амузыкатә қәгылара]]
9z4zp3ykb7d81t7cs0rgp0rwn40xzxq
Акатегориа:Амузыкатә қәгылара
14
44688
149708
2024-11-14T17:09:50Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|Music performances}} {{DEFAULTSORT:музыкатә қәгылара}} [[Акатегориа:Амузыка|қәгылара]] [[Акатегориа:Амузыкатә техника|қәгылара]] [[Акатегориа:Ауаҩытәыҩсатә усурақәа]]»
149708
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Music performances}}
{{DEFAULTSORT:музыкатә қәгылара}}
[[Акатегориа:Амузыка|қәгылара]]
[[Акатегориа:Амузыкатә техника|қәгылара]]
[[Акатегориа:Ауаҩытәыҩсатә усурақәа]]
i64gosljfo35ngq5tjz9x7ctqrq57cy
Акатегориа:Амузыкатә техника
14
44689
149709
2024-11-14T17:13:35Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|Musical techniques}} {{Cat main}} {{CatAutoTOC}} {{DEFAULTSORT:музыкатә техника}} [[Акатегориа:Амузыка атеориа|техника]] [[Акатегориа:Аҟазара ала аҟазаратә техникақәа]]»
149709
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Musical techniques}}
{{Cat main}}
{{CatAutoTOC}}
{{DEFAULTSORT:музыкатә техника}}
[[Акатегориа:Амузыка атеориа|техника]]
[[Акатегориа:Аҟазара ала аҟазаратә техникақәа]]
ldtwdyn83uo6j4ffvubdu3rl623483l
Акатегориа:Амузыка атеориа
14
44690
149710
2024-11-14T17:16:01Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|Music theory}} {{Cat main}} {{DEFAULTSORT:музыка атеориа}} [[Акатегориа:Амузыкатә системақәа|теориа]] [[Акатегориа:Амузыка аҭоурых|теориа]] [[Акатегориа:Амузыкаҭҵаара|теориа]]»
149710
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Music theory}}
{{Cat main}}
{{DEFAULTSORT:музыка атеориа}}
[[Акатегориа:Амузыкатә системақәа|теориа]]
[[Акатегориа:Амузыка аҭоурых|теориа]]
[[Акатегориа:Амузыкаҭҵаара|теориа]]
099uo7aaxuo0bx0x80wcx9twsf3u8ir
Акатегориа:Амузыкатә системақәа
14
44691
149711
2024-11-14T17:17:00Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « {{DEFAULTSORT:музыкатә системақәа}} [[Акатегориа:Амузыкатә анализ|системақәа]]»
149711
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:музыкатә системақәа}}
[[Акатегориа:Амузыкатә анализ|системақәа]]
swgzr791g9jsjone7q2qvkywcdr0l9h
149712
149711
2024-11-14T17:19:15Z
Fraxinus.cs
8381
Удaлeнa [[Акатегориа:Амузыкатә анализ]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Амузыка аилыргара]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
149712
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:музыкатә системақәа}}
[[Акатегориа:Амузыка аилыргара|системақәа]]
jsu22s2lfocgk1ihu0hvt0dwdec7a5z
Акатегориа:Амузыка аилыргара
14
44692
149713
2024-11-14T17:19:28Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|Musical analysis}} {{Cat main}} {{DEFAULTSORT:музыка аилыргара}} [[Акатегориа:Аилыргара]] [[Акатегориа:Амузыка|анализ]]»
149713
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Musical analysis}}
{{Cat main}}
{{DEFAULTSORT:музыка аилыргара}}
[[Акатегориа:Аилыргара]]
[[Акатегориа:Амузыка|анализ]]
jwq21erf4mxuskeh54j5xazullfsxyr
Акатегориа:Амузыка аҭоурых
14
44693
149714
2024-11-14T17:21:40Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|History of music}} {{DEFAULTSORT:музыка аҭоурых}} [[Акатегориа:Амузыкаҭҵаара]] [[Акатегориа:Амузыка|ҭоурых]] [[Акатегориа:Акультуратә ҭоурых]]»
149714
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|History of music}}
{{DEFAULTSORT:музыка аҭоурых}}
[[Акатегориа:Амузыкаҭҵаара]]
[[Акатегориа:Амузыка|ҭоурых]]
[[Акатегориа:Акультуратә ҭоурых]]
hbba3pe2q81aon0m8jrm5uawbii75id
Акатегориа:Амузыкаҭҵаара
14
44694
149715
2024-11-14T17:23:15Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commonscat|Musicology}} {{Cat main}} {{DEFAULTSORT:музыкаҭҵаара}} [[Акатегориа:Академиатә маҭәарқәа]] [[Акатегориа:Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа]]»
149715
wikitext
text/x-wiki
{{Commonscat|Musicology}}
{{Cat main}}
{{DEFAULTSORT:музыкаҭҵаара}}
[[Акатегориа:Академиатә маҭәарқәа]]
[[Акатегориа:Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа]]
76x9ietjmdiv34wcklc1e31lg7rp52p
Акатегориа:Аҟазара ала аҟазаратә техникақәа
14
44695
149716
2024-11-14T17:24:33Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: « {{DEFAULTSORT:ҟазара ала аҟазаратә техникақәа}} [[Акатегориа:Аҟазаратә техника| ҟазара]]»
149716
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:ҟазара ала аҟазаратә техникақәа}}
[[Акатегориа:Аҟазаратә техника| ҟазара]]
mxswepeoo25klo2fetynofncmaultjo
149717
149716
2024-11-14T17:24:51Z
Fraxinus.cs
8381
Удaлeнa [[Акатегориа:Аҟазаратә техника]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Аҟазара атехникақәа]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
149717
wikitext
text/x-wiki
{{DEFAULTSORT:ҟазара ала аҟазаратә техникақәа}}
[[Акатегориа:Аҟазара атехникақәа| ҟазара]]
eeqmf0lfycf1zcc3tdpse1h431wkikr
Акатегориа:Амузыкатә культура
14
44696
149718
2024-11-14T17:26:51Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Commons category|Musical culture}} {{DEFAULTSORT:музыкатә культура}} [[Акатегориа:Акультурақәа]] [[Акатегориа:Амузык|культура]]»
149718
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Musical culture}}
{{DEFAULTSORT:музыкатә культура}}
[[Акатегориа:Акультурақәа]]
[[Акатегориа:Амузык|культура]]
ddfxbccprsmpt1qdoticpzfgog49uzy
149719
149718
2024-11-14T17:27:15Z
Fraxinus.cs
8381
Удaлeнa [[Акатегориа:Амузык]]; Дoбaвлeнa [[Акатегориа:Амузыка]] [[ВП:HC|HotCat]] ацхыраарала
149719
wikitext
text/x-wiki
{{Commons category|Musical culture}}
{{DEFAULTSORT:музыкатә культура}}
[[Акатегориа:Акультурақәа]]
[[Акатегориа:Амузыка|культура]]
acpvpaq7lviub3knj2nh37bne5fygbd
Акатегориа:Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа ашьақәгылара ашәышықәсақәа рыла
14
44697
149721
2024-11-14T17:47:49Z
Fraxinus.cs
8381
Новая страница: «{{Аконтеинер акатегориа}} {{Category see also|Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыӡра ашәышықәсақәа рыла}} {{DEFAULTSORT:усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа ашьақәгылара ашәышықәсақәа рыла}} [[Акатегориа:Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа|.шәышықәсақәа]] Акате...»
149721
wikitext
text/x-wiki
{{Аконтеинер акатегориа}}
{{Category see also|Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа рыӡра ашәышықәсақәа рыла}}
{{DEFAULTSORT:усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа ашьақәгылара ашәышықәсақәа рыла}}
[[Акатегориа:Аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа аҭыԥқәа|.шәышықәсақәа]]
[[Акатегориа:Ахҭысқәа ашәышықәсқәа рыла]]
[[Акатегориа:Ахыбрақәеи аргыламҭақәеи ахкқәа рылеи, насгьы иргылаз ашәышықәсақәа рылеи]]
[[Акатегориа:Агәырҿыхагатә компаниақәа рцәырҵра ашәышықәсақәа рыла]]
7j57qo8ldmjtqy419idxdlwmkerxbsl
Ислампедиа
0
44698
149722
2024-11-15T06:28:01Z
Hosenul
22015
Создано переводом страницы «[[:bn:Special:Redirect/revision/7727625|ইসলামপিডিয়া]]»
149722
wikitext
text/x-wiki
{{Infobox website|name=Islampidia.org|logo=Islampidia.org c.png|screenshot=islampidia.png|caption=|url={{url|http://islampidia.org}}|commercial=না|type=ধর্মীয় ([[সুন্নী ইসলাম]])|language=আরবী, ইংরেজি, ফারসি, জাপানিজ, চাইনিজ, উইঘুর, ফ্রেঞ্চ, স্প্যানিশ, ইন্দোনেশিয়ান, জার্মান, পর্তুগিজ, হিন্দি, রাশিয়ান, উর্দু, তুর্কিশ এবং বাংলা|registration=|owner=মোঃ আহসান হাবিব|author=মোঃ আহসান হাবিব|revenue=}}Ислампедиа – Бангладештәи аԥсылмантә дауаҳ асаит ауп, уи аԥҵаҩы, амодератор Мд. Аҳсан Ҳабиб дицны, Аҟәырҟани асуннеи (аҳадисқәагьы уахь иналаҵаны) рлитература шьаҭас измоу еиуеиԥшым азҵаарақәа рыҭареи рҭак аԥшаареи рзы алшара ҳнаҭоит. <ref name=":2" /> <ref>{{Cite web |title=ORCID |url=https://orcid.org/0009-0005-3515-0302 |access-date=2024-10-27 |website=orcid.org}}</ref> <ref name=":2">{{Cite web |date=2024-10-04 |title=About |url=https://islampidia.org/about/ |access-date=2024-10-12 |language=en}}</ref> <ref>{{Cite web |title=Ahasan Habib - Islampidia |url=https://islampidia.org/author/islampidia/ |access-date=2024-10-18 |language=bn-BD}}</ref> <ref>{{Cite web |title=Md. Ahasan Habib |url=https://scholar.google.com/citations?user=owHlRZcAAAAJ&hl=en&oi=ao |access-date=2024-10-18 |website=scholar.google.com}}</ref> <ref name=":0">{{Cite web |last=Rayhan |date=2024-10-23 |title=Popular Islamic information websites |url=https://bangli.substack.com/p/popular-islamic-information-websites |access-date=2024-10-23 |website=Rayhan’s Substack}}</ref> <ref name=":1">{{Cite web |title=The Rise of Islampidia: A New Voice in Bangladesh |url=https://rayhan3.podia.com/blog/islampidia-news |access-date=2024-10-23 |website=Rayhan |language=en}}</ref> <ref>{{Cite web |title=The Wikipedia Library |url=https://wikipedialibrary.wmflabs.org/suggest/ |access-date=2024-10-27 |website=wikipedialibrary.wmflabs.org |language=en}}</ref>
== ахҭыс ==
Ислампедиа аԥҵан 2023 ашықәс азы. <ref>{{Cite web |title=Islam and Islampidia.org |url=https://www.noor-book.com/en/book/review/1024479 |access-date=2024-10-25 |website=Noor Book}}</ref> <ref>{{Cite web |title=Islampidia Analysis in Similarweb |url=https://www.similarweb.com/website/islampidia.org/#overview |archive-url= |archive-date= |access-date=2024-10-23 |website=Similarweb}}</ref> <ref>{{Cite web |title=Super power of a supervisor |url=https://papers.ssrn.com/sol3/papers.cfm?abstract_id=5000986}}</ref> Раԥхьаӡа иаабац асаит аҳасабала иаԥҵаз, 2024 ашықәс азы аԥсылмантә фонд аҳасабала аусура иалагеит. <ref name=":2">{{Cite web |date=2024-10-04 |title=About |url=https://islampidia.org/about/ |access-date=2024-10-12 |language=en}}</ref> <ref>{{Cite web |date=2024-10-26 |title=অযোগ্য ব্যক্তিকে ভোট দেওয়ার বিধান - Islampidia |url=https://islampidia.org/writing/%E0%A6%85%E0%A6%AF%E0%A7%8B%E0%A6%97%E0%A7%8D%E0%A6%AF-%E0%A6%AC%E0%A7%8D%E0%A6%AF%E0%A6%95%E0%A7%8D%E0%A6%A4%E0%A6%BF%E0%A6%95%E0%A7%87-%E0%A6%AD%E0%A7%8B%E0%A6%9F-%E0%A6%A6%E0%A7%87%E0%A6%93/ |access-date=2024-10-27 |language=bn-BD}}</ref>
== Аинформациа ахыҵхырҭа ==
{{Reflist}}
[[Акатегориа:Аԥсылманреи егьырҭ адинқәеи]]
12njah6jq43p22jegdmuziqgdb3tb4p